Цәыббра 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аиԥылара

Цәыббра 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  аиԥылара
29 September 2020 396

Цәыббра 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны иҟоу «Амлакра аҿагылара» (Action Against Hunger) аиҿкаара аофис ахада Ервин Блауи реиԥылара.
Ервин Блау ицәыригеит аиҿкаара (Action Against Hunger) апроект ҿыц. Апроект ирыднагалоит Аԥсны ақыҭа школқәа рҿы асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра ӡыла реиқәыршәара асистема ахархәарала.
«Ари аусхк алшарала иҟалоит ачымазара алаҵәара аиҵатәра, иара убасгьы COVID 19 аимдара алмыршара» ҳәа азгәеиҭеит Ервин Блау.
аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәан аиҿкаара егьырҭ аус зуа апроектқәагьы. Аминистр ихаҭыԥуаҩ ахәшьара ҳарак аиҭеит аиҿкаара аусура иара убасгьы агәыӷра ааирԥшит ирыдыркыло ауснагӡатәқәа COVID-19 аҭагылазаашьақәа арԥсыҽып ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: