Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы карате-до Шотокан Афедерациа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы карате-до Шотокан  Афедерациа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит
2 May 2019 481

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дидикылеит карате-до Шотокан Афедерациа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит ахада ихаҭыԥуаҩ Казе Ха - Рохелио Флорес. Аиԥылара иалахәын карате азы Аԥсны Афедерациа ахада Ахра Абухба, карате-до Шотокан аидгыла ахада Игорь Садовников.

Аиԥылараан иалацәажәан 2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ имҩаԥысраны иҟоу карате-до Шотокан азы адунеи ачемпионат.

Аиԥылара аартуа Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакыраҿы жәларбжьаратәи аҵакы змоу аиндаҭларақәа рымҩаԥгара аҵак ду рыманы ишыҟоу. Иара иажәақәа рыла Аԥсны асеиԥш иҟоу аиндаҭларақәа реиҿкааразы аԥышәа аманы иҟоуп. Аԥсны имҩаԥысхьеит ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы аицлабра, домино азы жәларбжьаратәи аицлабра.

«Аспорти аполитикеи еидҳәалам ҳәа рҳәоит аха апрактикаҿы ҳаспортсменцәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхаразы аԥынгылақәа рырҭоит» ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.

2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ имҩаԥысраны иҟоу карате-до Шотокан азы адунеи ачемпионат адунеитә уаажәларра ирзаанартуеит Аԥсны, иднарбоит адунеи егьырҭ атәылақәа рнырра ишазыхиоу ҳәа азгәеиҭеита аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Рохелио Флорес иҳәеит дара арахь раара ззырхоу ареспублика абри ахҭыс ишазыхиоу ахәшьара аҭароуп.

Флорэс иара убасгьы иҳәеит Афедерациа ачемпионат амҩаԥгара аиҿкаараҿы ацхыраара ишазыхиоу.

Аиԥылараан иалацәажәан 2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ имҩаԥысраны иҟоу карате-до Шотокан азы адунеи ачемпионат.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: