Иракли Ҭыжәба жәларбжьаратәи иеиҳабыратә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа идикылеит

Иракли Ҭыжәба жәларбжьаратәи иеиҳабыратә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа идикылеит
18 April 2019 471
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны мшаԥы 18 2019 шықәса рзы имҩаԥысит аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи жәларбжьаратәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа «Движение против голода» (AAH), «Ворлд Вижен» (WW), «Датский совет по беженцам» (DRC) рхаҭарнакцәеи реиԥылара.

Аиҿкаарақәа рыхьӡала аминистр ахаҭыԥуаҩ иҭан: «Движение против голода» (AAH) ахаҭарнак Ервин Блау, «Ворлд Вижен» (WW) ахаҭарнак Оксана Лашәриа, «Датский совет по беженцам» (DRC) арегионалтә менеджер Блерим Мухаксхери.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырраз Адепартамент аиҳабы Артур Гагәули, апроект AAH ахада Сатеник Назаретиан, апроект WW  ахада Манана Миканба, асоциалтә проектқәа рҟаза Сусан Ариуҭаа.

Аиԥылараан ирылацәажәан арҭ аиҿкаарақәа русура Аԥсны аҵакыраҿы.

Иазгәаҭан ԥхьаҟагьы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи русеицура
аҵакы аманы ишыҟоу.

Иара убасгьы ирзааҭгыланы ирылацәажәан наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа жәпакы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: