Иракли Ҭыжәба The HALO Trust ахаҭарнакцәа дырԥылеит

Иракли Ҭыжәба The HALO Trust ахаҭарнакцәа дырԥылеит
13 February 2019 458
Жәабран 13 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи  аиҿкаара The HALO Trust ихьыԥшым аексперт  Девис Пол Ентони реиԥылара. Аиԥылара иалахәын The HALO Trust апрограмматә менеџьер Исмет Задеи уи ихаҭыԥуаҩ Мери Кеннингтони.
Аиԥылараан ирылацәажәан аиҿкаара The HALO Trust Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы имҩаԥнаго апроектқәак. Ҷыдала иалацәажәан Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа асклад  аԥжәара ахылҟьа-ҿылҟьақәа. Уи адагьы аиҿкаара The HALO Trust имҩаԥнагоит  аусурақәа Аԥсны иахьаҵанакуа иԥымжәакәа иаанханы иҟоу аџьаԥҳаны  ашәарҭадара аиҿкааразы.
Иракли Ҭыжәба ахә ҳаракны ишьеит The HALO Trust шықәсырацәала Аԥсны аҩныҵҟа имҩаԥнаго аусуразы. Иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара иҟоу аинырра шьахә.
Аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәан наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа.
The HALO Trust –икоммерциатәым гәыҳалалратә еиҿкаароуп, ауааԥсыра рзы ашәарҭара зҵоу аминақәеи аџьаԥҳани ршәарҭадара еиҿнакаауеит. Аиҿкаара  The HALO Trust 1993 шықәса раахыс Аԥсны аус ауеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: