УА Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко РИА Новости аинтервиу аиҭеит Аԥсны аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьазы

УА Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко РИА Новости аинтервиу аиҭеит Аԥсны аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьазы
30 December 2021 336

УА Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко РИА Новости аинтервиу аҭо далацәажәеит Қырҭтәыла НАТО алалара иамоу алшара, Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара ҟалоу иҟамлоу иара убасгьы Аԥсны аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа Москва шахәаԥшуа атәы.

«Аԥсны иҟоу аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа ҳашьклаԥшуеит. Иазгәаҳҭоит ԥхынҷкәын 21 азы аҭыԥ змаз аоппозициатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи атәыла анапхгареи реиҿагылара аҽарҭынчуа ишалагаз.

Иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарраҿ аиԥш Аԥсны ауааԥсырагьы ирымоуп азин амчрақәа иҟарҵо ргәамԥхарц, ргәаанагара рҳәарц. Убри аан ҟалашьа амам азиншьаҭа змам ахымҩаԥгашьа.

Аԥсны ҳаамҭа иақәшәо азакәаншьаҭатә база аиҿкаара, аграждантә уаажәларра рыҿиара, анапхгараҭаратә усбарҭақәа рырӷәӷәара ҳацхраалоит. Ҳацхраалоит амилаҭтә кадырқәа разырхиара аус» ҳәа иҳәеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: