Кан Ҭаниеи Ервин Блауи аиԥылара рыман

Кан Ҭаниеи Ервин Блауи аиԥылара рыман
22 September 2017 835
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи Аԥсны иҟоу «Амлакра иаҿагылоу аиҿкаара» (ACF) аофис ахада Ервин Блауи аиԥылара мҩаԥыргеит.

Аиԥылараан ирылацәажәан амармалташь пты ҳәа изышьҭоу амаҵа аҿагыларазы цәыббра 13 рзы имҩаԥгаз астол гьыжь аҟны ишьҭыхыз азҵаарақәа. Ервин Блау абри аганахь ала ԥхьаҟатәи ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит.

Иара убасгьы аиԥылараан ирзааҭгылан Аԥсны Аветеринартә маҵзуреи «Амлакра иаҿагылоу аиҿкаареи» (ACF) реинырра азҵаарақәа, хаҭала иалацәажәан аԥстәқәа рыбжьара анодулиартә дерматит аҿкра азҵаара.

«Амлакра иаҿагылоу аиҿкаареи» (ACF) Аԥсны ԥхьаҟатәи аусураз иазыԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа ирзааҭгыланы ирылацәажәан.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: