Ажәабжь ҿыцқәа

17 December 2019 541 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәеиахәаахәҭреи Рдепартамент ахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара жәа-шықәса рхыҵра инамаданы
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа иалахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцха Лаша Аҩӡбеи Артур Гагулиеи.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Андреи Руденкои аиҧылара рыман Москва ҧхынҷкәын 5 рзы
4 December 2019 920
Ԥхынҷкәын 3 2019 шықәса рзы Аԥсны-Австриатәи аиҿкаара иаԥнаҵеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиныррақәа адгылара рыҭаразы акомиссиа». Акомиссиа напхгара анаҭоит Аԥсны-Австриатәи аиҿкаара Аилак хада. Аԥсны-Австриатәи аиҿкаара аусура хықәкы хаданы иамоуп Аԥсни Австриеи акультуратәи, агуманитартәи усхкқәа рҟны реинырреи Аԥсны жәларбжьаратәи аконтактқәа рырҭбаареи.
Ԥхынҷкәын 4 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика асоциалтә еиқәыршәареи аџьеи рминистрраҿ имҩаԥысит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика асоциалтә еиқәыршәареи аџьеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Федотовы реиԥылара.
26 November 2019 900
Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азин иасубиекту, исуверентәу, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп ҳәа рылазнаҳәеит 1994 шықәсазы ирыдыркылаз Аконстиуциа.
Ииасыз амчыбжь азы Берлин ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи аконференциа «Международный Диалог по передвижению в Умном Городе». Иара еиҿнакааит Academus Berlin GmbH. Аконференциа иалахәын адунеи ақалақьқәа жәпакы рхадарақәа рхаҭарнакцәа, абизнес алахәылацәа, аҭҵаарадырратә еилазаареи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.
16 November 2019 960
Абҵара 16 рзы Ҭырқәтәыла Адаԥазары (Сакариа)  имҩаԥысит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа изаамҭанытәиу 6-тәи апленартә еилатәара.
15 November 2019 808
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак алахәылацәа Асҭанда Патараиа (Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы), Инар Ладариа (Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ), Саид Какалиеи Валериа Цкуеи (Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак алахәылацәа) рҽаладырхәит Адипломатцәа ҿарацәа III рглобалтә форум. Дара уахь анаԥхьара рыҭан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак аҟынтәи.
Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьеви Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс Приднестровие Молдавиатәи ареспубликаҿ иҟоу Александр Ватамани еиԥылеит. Аиԥылара далахәын Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Стециук.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: