Аконсултә Департамент адырра ҟанаҵоит

Аконсултә Департамент адырра ҟанаҵоит
3 August 2020 490

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада 2020 шықәса нанҳәа 1 азы инапы зҵеиҩыз Аусдҵа адкылара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада 2020 шықәса рашәара 30 азтәи Иусдҵа амчра ахьацәнарӡыз инадҳәаланы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә Департамент адырра ҟанаҵоит аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рыла ареспубликахь аҭалара ԥкырада имҩаԥысуеит ҳәа. Аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аҳәаа ахысра рылшоит Аԥсны атәылауаа реиԥш Урыстәыла атәылауаагьы.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» ала Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра алҵра зыгәҭаку ахԥатәи атәылақәа руааԥсыра рзы аԥкырақәа шыҟац иаанхоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: