Украина ахада ақырҭуа-аԥсуа ҳәаахь иаара ахҳәаа азнауит Аԥсны ААР

Украина ахада ақырҭуа-аԥсуа ҳәаахь иаара ахҳәаа азнауит Аԥсны ААР
20 July 2021 577

2021 шықәса ԥхынгәы 19 азы Украина ахада Владимир Зеленски усутә визитла Қырҭтәыла иҟазаараан ақырҭуа-аԥсуа ҳәаахь днеиит. АИХқәа рдыррала Зеленски «аоккупациа зызуу Аԥснытәи автономтә республика аҳәааҿы ашәарҭадаратә усхк аҭагылазаашьа гәеиҭеит», агәҭынчымра ааирԥшит «Аԥсны Урыстәыла ар рыҟазаареи ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи» рзы. Уи адагьы Зеленски иҳәеит Украинеи Қырҭтәылеи рхықәкқәа еиԥшуп аамҭала аоккупациа зызуу аҵакырақәа рырхынҳәразы ҳәа.

Зеленски икоманда ари раԥшьгамҭа иарбанызаалак ҟәшра ҟазшьак узадбало иҟам, украинатәи ахада «аоккупантцәа рҿагылаҩ» ҳәа аимиџь аарԥшра иҭахымзар. Зеленски Қырҭтәыла ахадацәа ашәарҭадара аусхк аҭыԥ ақәҵашьа дирҵарц акәзаргьы ҟалоит арахь дзааз.

Зеленски абриаҟара игәамԥхаз Аԥсны Урыстәыла амчрақәа рыҟазаара ҩ-ганктәи аԥсуа-аурыс еиқәышаҳаҭрақәа иҳәаақәырҵоит, жәларбжьаратәи азин иаԥырхагам, Қырҭтәыла аҵакырагьы ԥырхага анаҭом. Ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара ҳәа Украина ахада иибаз закәу макьанагь еилкаамкәа иаанханы иҟоуп.

Зеленски ипровокацитә политика Донбасстәи ареспубликақәа рганахь ала идыру акоуп, аиҳаракгьы иара ааԥшит сынтәа Киев алада-мрагыларатәи атәыла ахәҭаҿы аибашьра ахацыркра аҽаназнашәоз ашьҭахь. Уи иаанарԥшит Зеленски икоманда аимак аҭыԥ ақәҵаразы иамоу аҭахрақәа. Аха ари апрактика Аԥсны аганахь ахархәара ҟалашьа амам, иҟаларгьы иахәҭоу аҭак аиуеит.

Украина анапхгареи қырҭтәылатәи рколлегацәеи ирдыруазар ахәҭан аиҿагылара хра аманы ишзыҟамлоҩ Ԥеиԥшк амам аиқәшаҳаҭрақәа аревизиа рзурагьыы. Ареваншизм мап ацәымкыкәа, иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа рыдрымкылакәа инарҭбааны аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара залшом.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: