Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла имҩаԥысыз аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рнаҭеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла имҩаԥысыз аҽазыҟаҵарақәа  ахҳәаа рнаҭеит
4 October 2021 539

Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Eternity-2021, Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рыруаа алархәны, Қырҭтәыла рымҩаԥгара иалагеит жьҭаара 4 азы. Имҩаԥыслоит жьҭаара 8 рҟынӡа.

Қырҭтәыла арратә амбициақәа агәазыҟаҵара рызҭо ракәны иршьеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аҽазыҟаҵарақәа Enternity-2021.

Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа адыррала аҽазыҟаҵарақәа раан Қырҭтәыла, Ҭырқәтәыла, Азербаиџьан рыруаа арегионалтә економикатә проектқәа реиҿкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Қырҭтәыла амчрақәа рыдгьылҵакыраҿы «аӷа» иҿагылара азгәазҭо арратә полигон аԥҵара рҭахушәа убоит. Убри аан ЕААи НАТОи рырратә мчреи рстратегиеи азымхошәа Қарҭ аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Анкареи Бақәеи ирныруеит арра аганахь ала» ҳәа аҳәоит Аԥсны ААР аҳәамҭаҿы.

Аԥсуа дипломатцәа агәрагара рымам арратә ҽазыҟаҵарақәа ирхықәкуп ҳәа излацәажәо рзы. Убри аан иазгәарҭоит ақырҭуа ган аамҭақәак раан рырратә ҽазыҟаҵара аихамҩа ахьчара ахьыӡҵаны ишымҩаԥыргаз. Уажәы иара уи аҩыза арегионалтә економикатә проектқәа рыхьчара ахьӡырҵар ауеит.

Аԥсны зхьаԥшрада иннажьуам Қырҭтәыла амилитаризациа аҿиара апроцесс, иахәҭаны иҟалар аԥсадгьыл ахьчарази ауаажәлар рыхьчарази иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҵахоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: