Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
13 October 2021 766

Қырҭтәыла ахада С. Зурабишьвили официалтә визитла Австриа лыҟазаараан аҳәамҭа ҟалҵеит Қырҭтәыла иҟоу ЕЕ анаԥшыҩцәа рмиссиа (МНЕС) Аԥсны аҵакыраҿы ишырҭаху рыҟазаара ахәҭоуп ҳәа.

Австриа Афедералтә хада даниԥылоз ари ихыҭҳәаау апроблема – МНЕС Аԥсныҟа анашьҭра далацәажәо Қырҭтәыла ахада аҽазныкгьы илҭаххазар акәхап «аоккупациа зызуу аҵакырақәа» рыӡбахә адунеитә уаажәларра ргәаларшәара.

Қырҭтәыла анапхгареи Амиссиа анапхгареи ибзианы еилыркаауеит 2008 шықәсазы Урыстәылеи Франциеи рхадацәа реицәажәарала

МНЕС амандат иазыԥхьагәанаҭо Аԥсны иаԥну азонаҿ аҟазаара шакәу, ареспублика аҵакыраҿ аҟазаара акәымкәа. Агәра аагоит Австриа ахаҭарнакцәа, Амиссиа аусзуҩцәа абри бзианы ишырдыруа.

МНЕС Аԥсныҟа анашьҭра аиашара ҵаҵӷәык азыԥшаауа Қырҭтәыла анапхгара амцҳәара мҩаԥыргоит. Ари аҩыза аҳәамҭа ԥаршеи дарбанызаалак изы еилкаауп ишҵакыдоу. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы азин иқәныҟәоит, аус руеит аҳәынҭқарратә мчрақәа ринститутқәа.

 Абас ала ареспубликаҿ иаҭахны иҟам аескалиациа хыхра.

Қарҭ аиҳабыра, Мраҭашәаратәи рпартниорцәа амц изжьо, румҭақәа рыла атәылақәа рыбжьара ацивилизациа ҟазшьа змоу адиалог амҩаԥгара ргәы ишҭам убарҭоуп.

Аконструктив ҟазшьа амам қарҭаа европатәи рпартниорцәа рхымҩаԥгашьагьы.

Ҳақәгәыӷуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала апрагматизм шьаҭас измоу, аполитикатә реалқәа еилкаауа ииашоу акурс мҩаԥыргалап ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: