Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа
14 May 2020 1007

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи асоциалтә ҳа «TikTok» аҿы ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәаны разгәаҭара Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа азхьаԥшра ианаҭаз. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит «абри азҵаара аус шаднауло азы».

Оумашәа иубартә иҟоуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иарбоу асоциалтә ҳаҿы ицәырнагаз иобиективу аинформациа, иҟоу шыҟаҵәҟьоу аазырԥшуа абас ала иадекватым ҟазшьала азхьаԥшра ахьыҟанаҵаз.

Абри ахҭыс аҽазныкгьы иунарбоит адиалог хымԥадатәиуп, аизыҟазаашьақәа амҩақәа рзыԥшаалатәуп ҳәа бжьыҭгала иҟаҵо аҳәамҭақәа зегьы шҵаҵӷәыдоу. Рацәак азхьаԥшра зумҭаша абри ахҭысҵәҟьа Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашьапы иқәнаргылеит.

Асеиԥш иҟоу алогика шьаҭас иҟаҵаны Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭа иарбанызаалак жәларбжьаратә ресурс ацензура иҵгатәуп ҳәа иаԥхьаӡозар акәхап. Абри инадҳәаланы ицәырҵуеит азҵаара: иабанӡаиашоу аморал-зинтә ганахь ала ари аҩыза агәаанагара?

Абри иазгәоумҭар ауам зны-зынла аекономикатә субиектқәа ма аиҿкаарақәа еиҳа ирласны иҟоу ариалрақәа шеилыркаауа ҳәынҭқаррақәак раҵкыс.

Ҳақәгәыӷуеит Қырҭтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала аполитикатә курс еиҭахәаԥшып ҳәа иҟоу афактқәа азхьаԥшра рыҭаны.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: