Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрр Инал Арӡынба ахҳәаа ҟаиҵеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрр Инал Арӡынба ахҳәаа ҟаиҵеит
30 March 2023 206

«Ҳара ишьахәуп ҳәа азаҳҳәоит Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Саудтәи Аравиеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара, ҳара ари арегион аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рыпроцесс иахәарҭаны иаабоит.

Иара убри аан Шьамтәыла араб тәылақәа еидызкыло жәларбжьаратәи аиҿкаара – араб ҳәынҭқаррақәа Рлигахь ирхынҳәтәуп ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит.

Иахьа Шьамтәыла қәҿиарала жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылоуп, Шьамтәыла ажәлар ракәзар, рмилаҭтә интересқәа рыхьчоит.

Арегионалтә зҵаарақәа Шьамтәылатәи Арабтә республика агәаанагарада рыӡбара залымшозароуп».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: