Инал Арӡынба Ацентр «Аԥсны аԥеиԥш» Москва аартра ахҳәаа аиҭеит

Инал Арӡынба Ацентр «Аԥсны аԥеиԥш»  Москва аартра ахҳәаа аиҭеит
6 December 2021 545

Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абазала аҿар адгылара рызҭало Ацентр «Аԥсны аԥеиԥш» Москва иаартхоит.

Апроект аусура хацыркхоит ашықәс алагамҭазы. Аԥсни Урыстәылеи инхо аԥсуа ҿар рхаҭарнакцәа Ацентр ахь инеилар рылшоит Урыстәыла аҵаратә усҳәарҭақәа рҭалара, астажировка ахысра, аҟазара аизырҳара, аамҭала аусурҭа аԥшаара уҳәа азҵаарақәа рылацәажәаразы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҿи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа асаит аҿи адгыларазы азыҳәа анашьҭра ауеит. Иара убасгьы аусура иаларгахоит иаку аҭел ҳтәылауаа рзы.

Ацентр «Аԥсны аԥеиԥш» Москва аартра хра аиуеит ҳтәылауаа хаҭала рыцхырааразы, аԥсуа ҿар рыҿиара аҭагылазаашьа бзиақәа азыԥшааразы, аԥхьагылаҩцәа қәыԥшцәа рыҩаӡара ала аимадарақәа рышьақәыргыларазы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: