Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахҳәаа аиҭеит Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Боливиа ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ахҳәаа аиҭеит  Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи Боливиа ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара
24 December 2021 425

Каракас, Боливиа ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны АҳәынҭқАрраса ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа ацҳаражәҳәаҩ Родриго Мишель Хоффмани реиԥылара. 

Аиԥылараан ирылацәажәан аусеицура, агуманитартәи ахәаахәҭра-економикатәи еимадарақәа уҳәа реиԥш иҟаз азҵаарақәа жәпакы.

Ҳара адгылара аҳҭоит Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа анапхгара русура – ажәларқәа рхьыԥшымреи рсуверинитети, рхатәхалатәҳәаақәҵараз рзини шьаҭаны измоу адунеи ашьақәыргылараҿ.

Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа аиԥш жәларбжьаратәи азин анорма хадақәеи ООН Аԥҟаԥҵәа апринцип хадақәеи, аҳәынҭқаррақәа реиҟарареи, аҩныҵҟатә усқәа ахрыламгалареи рықәныҟәара ус хаданы иашьоит.

Абри инадҳәаланы Боливиеи, Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи, Ареспублика Никарагуеи рганахь ала мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥырго, изакәаншьаҭадоу аполитикатә қәыӷәӷәара партниорк, стратегиатә дгылаҩык иҳасаб ала ҳақәыӡбоит.

Ахәшьара ҳарак аҳҭоит атәылақәа рхалатә ҿиара адгылара азҭо Боливиа адәныҟаполитикатә курс, аҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә суверинитети ажәларқәа ракзаареи ирықәнаҵо аҳаҭыр.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: