Аԥсны ААР аҳәынҭеилазаарақәа рдунеижәларбжьаратә усура ахылаԥшра аҭара аус ахҳәаа аиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба

Аԥсны ААР аҳәынҭеилазаарақәа рдунеижәларбжьаратә усура ахылаԥшра аҭара аус ахҳәаа аиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба
21 January 2022 281

Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 53 инақәыршәаны Аԥсны ахада атәыла адәныҟаполитикатә усура ахырхарҭақәа ҳәаақәиҵоит. Аԥсны ахада иусдҵа «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаку адәныҟатә политика амҩаԥгараҿы акоордининациаҟаҵаратә роль» (06. 11. 2006 ш.) инақәыршәаны Аԥсны ахада иусдҵала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарра адәныҟатә политика ахырхарҭа хадақәа ҳәаақәнаҵалоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырраҿы, азеиԥш хылаԥшра ҟанаҵоит ареспублика аҿаԥхьа жәларбжьаратә хыдҵақәа рынагӡашьазы. Убри инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны адәныҟатәи аполитика иаку иззеиқәшаҳаҭу усхкны аҟаҵаразы аусура арӷәӷәоит

Аминистрра акоординациаҟаҵаратә роль иаҵанакуеит анагӡаратә мчра егьырҭ аусбарҭақәа жәларбжьаратәи русураз, аҳәаанырцәтә ныҟәарақәа рзы, аҳәаанырцәтә ҟазауаа рконсультациақәа рзы, аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи рыбжьаҵара азы иныҭкаау аинформациа аиуроуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иарбанызаалак аиныррақәа рзы адыррақәа ҟарҵалароуп.
Абри аусхк аҟны аминистрреи егьырҭ аусбарҭақәеи, атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рхадарақәеи русеицура, реинырра асистема шьақәырӷәӷәоуп, иахәҭаны ишьоу анапынҵақәа ҟаҵоуп.

Ҳколлегацәа рыпрофессианолизм агәра го, агәыӷра ҳамоуп абри аус аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра излалшо ала адгылара аиуп ҳәа. Адәныҟатәи аполитика хра аманы иҟалоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рҽеидкылан русура ашьаҭала.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: