Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы Шьамтәылаҟа инанашьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы Шьамтәылаҟа инанашьҭит
20 October 2021 502

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы Шьамтәылатәи Арабьә Республика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа инанашьҭит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 20 азы аҭыԥ змаз атеракт инадҳәаланы.

Адашшыларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны гәалсра дула ирыдыркылеит Дамаск ақалақь аҿы аԥсыҭбарақәа зцыз атеррористтә акт аӡбахә.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атерроризм ӷәӷәала иақәыӡбоит. Гәалсра дула ирыдашшылоит иҭахаз ргәакьацәа, аахақәа зауыз ирзеиӷьанашьоит иаарласны агәабзиара зҩыда аиура.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: