Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ливантәи ареспубликахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ливантәи ареспубликахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит
5 August 2020 731

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ливантәи ареспублика аҳәаанырцәтәи аусқәеи аемигрантцәа русқәеи рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Беирут иҟалаз арыцҳара инамаданы.

Адышшыларатә шәҟәы аҿы иҳәоуп:

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ гәалсра дула ирыдыркылеит Беирут ақалақь абаӷәазаҿы аҭыԥ змаз арыцҳара аӡбахә. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсрыла ирыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ааха змоу иаарласны ргәабзиара ашьқәгылара рзеиӷьаҳшьоит. Шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит» ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: