Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь
22 August 2017 1431
Иахьа, Урыстәыла аҳәынҭқарратә бираҟ Амш инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Ашкәакәа-аиаҵәа-аҟаԥшь ԥшышәхәқәа рыла еилаԥсоу абираҟ – Урыстәыла аҳәынҭқарра, аҭоурых беиа, афырхаҵа жәлар ирсимволны иҟоуп. Урыстәылатәи Афедерациа абираҟ еиднакылоит ҵакырадгьылк аҟны еицынхауа ажәларқәеи амилаҭқәеи. Иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы Урыстәылатәи Афедерациа адунеижәларбжьаратә аренаҟны атәыла аинтересқәа ахьчоит, ԥхьаҟа аҿиара амҩа иқәууп.
Ҳара пату ду ҳзақәуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьақәа. агәра аагоит ԥхьаҟагьы ҳаилахәыра аҽшарӷәӷәо азы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш Аԥсадгьыл ду згәадуроу, уи абзиабареи аҳаҭырқәҵареи зшьа-зда иалоу абиԥарақәа зегьы еицырзеиԥшу ныҳәоуп».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: