Михаил Шургалин Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит

Михаил Шургалин Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит
26 July 2022 380

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.

Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит Инал Арӡынба инапхгарала «адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура ишанубаало аиҭакрақәа, адипломатиа  астандартқәеи аинформациа-коммуникациатә технологиақәеи русхк аҟны аҵыхәтәантәи аихьӡарақәа ахархәара шрымоу, урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы ишазыҟарҵо ԥхьаҟа ареспублика аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы изыхьчаша акадртә резерв». 

Михаил Шургалин Инал Арӡынба изеиӷьеишьеит агәабзиара,  ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи адипломатиатә ус аҟны.

 

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: