Инал Арӡынба Мариа Ломакина Аиааира Амш лыдиныҳәалеит

Инал Арӡынба Мариа Ломакина Аиааира Амш лыдиныҳәалеит
9 May 2022 340

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, 94-лшықәса зхыҵуа Мариа Филипп-иԥҳа Ломакина Аиааира Амш лыдиныҳәалеит.

Аиԥылара далахәын Мариа Ломакина лыцхрааҩ, Ашәарҭадаратә маҵзура аветеран Нина Николаи-иԥҳа Грабчак.

«Аиааира Амш гәыкала ишәыдныҳәалаз! Ҳара ашкол ҳанҭаз инаркны Аиааира ду атәы ҳзеиҭарҳәон, иаҳҵон Москватәии Сталинградтәии аиҿагыларақәа, Курсктәи аибашьра, Берлинтәи ажәыларатә операциа ртәы. Аҿар ирдыруазароуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых, пату ақәырҵозароуп Аиааира злагала ду аду атыл аусзуҩцәа рҭоурыхқәа» ҳәа азгәеиҭеит аветеран длыҿцәажәо Инал Арӡынба.

Аԥсны аиҳабыра рыхьӡала Инал Арӡынба Мариа Филипп-иԥҳа иланеишьеит аҳамҭақәа, гәыкалатәи азеиӷьашьарақәа.

Аветеран Мариа Ломакина 1942 - 1945 шш. рзы Новороссииски Шәачеи еимаздоз автомҩа аргылараҿы аус луан. Аибашьраан ари амҩала ахәцәа мҩаныргон. Мариа Ломакина илгәалалыршәеит Асовет Еидгыла амаршал Георги Жуковы лареи реиқәшәара, «Аԥсадгьыл шәахашҭран иҟам» ҳәа шреиҳәаз аргылараҿы аус зуаз.

1947 шықәсазы Аԥсныҟа дааит ҭаацәала. Аус луан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы. Илбахьан-илаҳахьан И.В. Сталин, Н.С. Хрушьчев, А.И. Микоиан, Б.Н. Ельцин. Иланашьоуп амедалқәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: