Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит

Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит
9 November 2022 311

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла ҿыц змаҵура иахагылаз Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Арӡынба Џьаафари идиныҳәалеит ари аус ҿыц иахагылара.

Аганқәа алацәажәеит аԥсны-шьамтәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, аполитикатә, аекономикатә, агуманитартә усхкқәа рҟны аҭагылазаашьақәа рызҵаарақәа.

Уи адагьы Арӡынбеи Џьаафари иара убасгьы иалацәажәеит Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа рмеханизм аиҿкаара.

Хазы иазгәаҭан Аԥсылмантә республика Иран адиалог ацымҩаԥгара, аглобалтә шәарҭадара аиҿкаара асистемаҿ ари атәыла ароль.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: