Аԥсны ААР аҿы изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит

Аԥсны ААР аҿы изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит
30 June 2021 849

Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа иалахәын: Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Саида Быҭәԥҳа, Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Аԥсны Апарламент адепутатцәа Каха Пертаиа, Алхас Џьынџьал, Михаил Сангәлиа, Александр Цышба, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина Шамԥҳа.

Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла рхаҭарнакцәа аҽазныкгьы агәҭынчымра аадырԥшит НАТО Қырҭтәыла аҵакыраҿы ахымҩаԥгашьазы.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла рхаҭарнакцәа инаҵшьны иазгәарҭеит НАТО имҩаԥнаго аумҭақәа арегион аҿы аҭышәынтәалараз аамҭа рацәа зқәырӡу аҽазышәарақәа ҵыршәаар шалшо.

Аԥснытәи аган Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа азхьадырԥшит аҵыхәтәантәи аамҭазы ареспублика аҳауатә ҵакыра изныкымкәа аҳәаанырцә ҳауатә ӷбақәа ишеиларго.

Аԥсны ААР аҿы иазгәарҭоит асеиԥш ахымҩаԥгашьа Қырҭтәыла аганахь ала провокацианы ишырыԥхьаӡо.

Иааидкыланы ақырҭуа-аԥсуа, ақырҭуа – аахыҵ уаԥстәылатә ҳәаақәа рҟны аҭагылазаашьа иҭышәынтәалоу акәны ахәшьара арҭеит Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа рыда.

Традицианы азхьаԥшра ҷыда аҭан амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа атекст алацәажәара. Аха ақырҭуа ган аҽазныкгьы ари азҵаара ашьҭыхра иаҿагылеит.

Абри ахырхарҭаҿы азнеишьа ҷыдақәа раԥҵара ахәҭаны ишыҟоу шьақәырӷәӷәан. Азҵаара алацәажәара изаамҭанытәны жьҭаарамзазы имҩаԥырго аиҿцәажәарақәа рахь ииаган.

Аԥсуа дипломатцәа иазгәарҭоит ақырҭуа ган ахҵәацәа рыпроблема иааҟәымҵӡакәа ишышьҭырхуа, уи атема аполитикатә ҟазшьа аҭара рыҽшазыршәо Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ргәаанагара азхьаԥшра ахьарымҭо адунеижәларбжьаратә плошьчадкақәа рҿы. Убри инадҳәаланы ари азҵаара Женева алацәажәара алшоны ишырымбо рҳәеит.

Араунд алахәылацәа еицҿакрыла адгылара арҭеит Гал имҩаԥыргоз МПРИ аусура ацҵара.

Агуманитартә зҵаарақәа рзы агәыԥ аҿы ирылацәажәан ԥкырада аныҟәара, аҵарадырра уҳәа актуалра злоу азҵаарақәа.

Иааиуа Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса жьҭаара 12-13 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: