Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд мҩаԥысит

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд мҩаԥысит
6 April 2023 236

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа алахәын Женева 2023 шықәса мшаԥы 4-5 азы имҩаԥысуаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд. Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа рнаҩс иалахәын Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Еиду Америкатәи аштатқәеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла Ашәарҭадартә хеилаки рҟынтәи ацхантәаҩцәа.

Аԥснытәи аделегациа анапхгара аиҭон Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба. Аделегациа иалахәын: аминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа.

Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа рнаҩс иалахәыз Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Еиду Америкатәи аштатқәеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла Ашәарҭадартә хеилаки рҟынтәи аделегациақәеи алацәажәеит арегион аҿы ашәарҭадара азҵаара. Аԥсуа ган азхьаԥшра ҷыда арҭеит амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра, аха ақырҭуа ган еиҭах мап ацәнакит амш аусхәаԥштә азҵаара хада - амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы аҭакԥхықәра рыдызҵо адокумент анапаҵарҩырц Аԥсны иҟанаҵо адҵа.

Ари азҵаара ԥхьаҟатәи араундқәа рахь ииасуеит.

Убас, алахәылацәа реиҳараҩык, аԥсуа гангьы налаҵаны, ишьақәдырӷәӷәеит Гал ишеиҭахацырктәу аидысларақәа раԥырҟәҟәаареи иахәҭоу аҭак рзыҟаҵареи иазку Амеханизм (МПРИ) аусура. Абри аганахь алагьы Аԥсны иҟанаҵаз ажәалагалақәа Қырҭтәыла мап рыцәнакит.

Аиԥылараҿы иара убасгьы иалацәажәеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟа имҩаԥысуа аҩныҵҟаполитикатә процессқәа, аиҿцәажәарақәа рлахәылаҩцәақәа ргәаанагарала, урҭ ахҭысқәа арегион аҿы аҭагылазаашьа аибарххарахь икылнагар алшоит.

Аԥснытәи аган агәҭынчымра аанарԥшит аоппозициа ахаҭарнакцәа аҩбатәи афронт аартразы ааԥхьарақәа иҟарҵо рганахь ала.

Аиԥылараҟны иара убас иазааҭгылеит аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла адунеи атәылақәа рахь ацара-аара алыршара азҵаара, аҵараиура, медицинала аиқәыршәара уҳәа апроблемақәа.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса ԥхынгәымзазы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: