Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәуаа атәыла ралалара аԥкразы адҵаԥҟа

Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәуаа атәыла ралалара аԥкразы  адҵаԥҟа
17 March 2020 502

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.

Аиԥылараҿы иалацәажәан адунеи зымҽхазкыз акоронавирустә инфекциеи уи инадҳәаланы хәажәкыра 16 2020 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ирыдыркылаз аусдҵа «Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы акоронавирустә инфекциа аламырҵәареи ауаԥсыра ргәабзиара ахьчаразы ауснагӡатәқәеи».

Максим Литвинов аминистр ихаҭыԥуаҩ изеиҭеиҳәеит:

«Урыстәыла аиҳабыра атәылахь аҳәаанырцә атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ралалара ԥнакуеит коронавирус иахырҟьаны. Хәажәкыра 16 2020 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ирыдыркылаз аусдҵа «Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы акоронавирустә инфекциа аламырҵәареи ауаԥсыра ргәабзиара ахьчаразы ауснагӡатәқәеи» инақәыршәаны аԥкыра хацыркуп хәажәкыра 18 рзы, аԥкыра аԥыххоит лаҵара 1 азы. Арахь иаҵанакуеит Урыстәыла атәылауаҩра змам Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаагьы. Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы змоу уаанӡеиԥш иарбанызаалак ԥкырада Урыстәылатәи Афедерациа иаҭаар ҟалоит» ҳәа.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: