Аԥсны ААР имҩаԥган онлаин конференциа

Аԥсны ААР имҩаԥган онлаин конференциа
18 September 2020 513

Цәыббра 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит онлаин конференциа (аплатформа Zoom ацхыраарала) Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатцәа ҿарацәа алархәны.

Адипломатцәа ҿарацәа ҩ-ганктәи рконсультациақәа рҳәаақәа иҭагӡаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистреи рдипломатцәа ҿарацәа реилацәажәара еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала. Адипломатцәа ҿарацәа рзааҭгылеит: адипломатиа, ацифраркра; апандемиа; Аиааира Ду 75-шықәса ахыҵра; Ахеилакқәа рыпроектқәа реицымҩаԥгара; адипломатцәа ҿарацәа рфорумқәа рҳәаа иҭагӡаны ԥхьаҟатәи аинырра иара убасгьы наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымаз азҵаарақәа.

Аиԥылара мҩаԥысит аԥхарратә ҟазшьа аманы. Адипломатцәа ҿарацәа агәыӷра аадырԥшит хара имгакәа оффлаин аформат ала еиқәшәап ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: