Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба The HALO Trust ахаҭарнакцәа идикылеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба  The HALO Trust ахаҭарнакцәа идикылеит
8 October 2020 416

Жьҭаара 7рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба The HALO Trust ахаҭарнакцәа: Кавкази Балкани рҿы арегионалтә менеџьер Смарт Николаси Аԥсны иҟоу апрограмматә менеџьер Есмет Задеи идикылеит.

Аиԥылараан ирылацәажәан аиҿкаара аус зуа апроектқәа, ҷыдала Приморское ақыҭан аминаҵхраз апроект анагӡашьа атәы, Аԥсны ақыҭақәа рҿы аинфраструктура ашьақәыргылара иазырханы иазыԥхьагәаҭоу апроектқәа иара убасгьы коронавирустә инфекциа COVID-19 аламырҵәара иазырхоу апроектқәа. 

Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит The HALO Trust Аԥсны имҩаԥнаго аусура аҵак ду аманы дшахәаԥшуа, иҳәеит апроектқәа ԥхьаҟагьы рыцҵара шхымԥадатәиу. 

The HALO Trust ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит аиҿкаара аусура хада адагьы иара ахаҭарнакцәа активла рхы шрыладырхәуа авирус COVID-19 аламырҵәара иазырхо апроектқәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: