Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аиԥылара мҩаԥысит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аиԥылара мҩаԥысит
1 November 2019 762

Абҵара 1 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрр Даур Ақаҩба дидикылеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Максим Забалуев. 


Даур Ақаҩба М. Забалуев иирдырит 2019 шықәса жьҭаара 23 инаркны Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы акомиссиа ҷыда Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ишиагахо.


Абри ақәҵара инақәыршәани аусурақәа ԥхьаҟа рынагӡарази Аԥсны ААР аҿы еиҿкаахоит акомиссиа.


Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрр Даур Ақаҩба иара убасгьы иазгәеиҭеит апроект аганахь ала имҩаԥысуа аусурақәа ишрыцҵахо.


Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Максим Забалуев иакәзар дрылацәажәеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ԥхьаҟатәи аусуратә планқәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: