Даур Ақаҩбеи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи онлаин-конференциа мҩаԥыргеит

Даур Ақаҩбеи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи онлаин-конференциа мҩаԥыргеит
3 April 2020 768

Мшаԥы 3 рзы Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи онлаин-конференциа мҩаԥыргеит.

Аминистр иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ареспубликаҿы коронавирустә инфекциа COVID-19 аламырҵәаразы аиҿкаарақәа иҟарҵо ацхырааразы.

Иара агәыӷра ааирԥшит ԥхьаҟагьы ари аус ишацҵахо азы.

Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ракәзар аминистр агәра идыргеит уи аус еиԥҟьара шамоуа.

ООН Аҿиараз Апрограмма апроектқәа рменеџьер Федерика Диспенса аминистр иеиҳәеит UNDP 500 000 доллар Аԥсны коронавирус аламырҵәаразы ишыннахуа.

ФАО ахаҭарнак иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра ишаҭахо арзҩыдаразы 11 қәҭәага.

HALO Trust азыхиоуп аҭагылазаашьа уадаҩхар Ацхыраара лас иатәу 11 машьына шаагахо, аҭагылазаашьа аҽеиҭакраан – атехника ҷыда.

Онлаин-конференциа иара убасгьы иалахәын мышқәак раԥхьа Аԥсныҟа иааз Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара алахәылацәа.

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара алахәылацәа ирҳәеит ауааԥсыра адырра рыҭара акраҵанакуаны ишыҟоу авирус аламырҵәаразы.
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара аекспертцәа аҽа ҩымш Аԥсны иаанхоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: