Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахаҭарнак иԥылара

Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахаҭарнак иԥылара
9 April 2021 684

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы мшаԥы 9 рзы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахада Маттиас Ваинраихи реиԥылара.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи рызҵаарақәа.
Маттиас Ваинраих аминистр адырра ииҭеит МККК ԥхьаҟагьы COVID-19 иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара шыҟанаҵало, хаҭала иазгәеиҭеит аҭыԥантәи ахәышәтәырҭақәа рахь ишааго арзҩыдаратә маҭәашьарқәеи ахаҭалатә хыхьчагақәеи.

Даур Ақаҩба ҭабуп ҳәа ахиҳәааит МККК Аԥсны аҵакыраҿы имҩаԥнаго аусурақәа, иазгәеиҭеит ԥхьаҟагьы урҭ аҿиара хымԥада ишроуа.
МККК амиссиа Аԥсны аус ауеит 1992 шықәса раахыс. Имҩаԥнагоит агуманитартә программақәа ркомплекс.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: