Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Кан Ҭаниеи Шомби Шарпи реиԥылара мҩаԥысит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Кан Ҭаниеи Шомби Шарпи реиԥылара мҩаԥысит
7 February 2018 716
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма (UNDP) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Шомби Шарпи реиԥылара мҩаԥысит.

Шомби Шарп Кан Ҭаниа иеиҳәеит Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма (UNDP) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩык иҳасабала Аԥсны иҟазаара шхыркәшахо, ҭабупгьы ахиҳәааит аминистрра аус ицура еснагь иазыхианы иахьыҟаз азы.

Кан Таниа Шомби Шарп ԥхьаҟазы изеиӷьеишьеит аманшәалареи ақәҿиарақәеи, иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аминистрреи реинырра аҵак ду аманы ишишьо, ООН Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы зымҩаԥгара иаҿу апроектқәа ԥхьаҟазы хра рымны ишыҟало.

Аиԥылара аԥхарра аҵаны имҩаԥысит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: