Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум

Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум
1 December 2018 497
Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория развития", зықьҩыла Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟынтәи аҿар злахәыз. Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория действия"мҩаԥысит Санкт-Петербург.

Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория развития" иалахәыз Аԥснытәи аделегациа афорум ахь ааԥхьара рзаалышьҭит Санкт-Петербург ахадара аҿар рполитиказ Аилак ахантәаҩы Р.И. Абдулина. Аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵо адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵо адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак аконсультант Мадина Зыхәԥҳа, афонд "Горная Абхазия" адиректор Ҭенгиз Ҭарба.

Афорум аҿы итема хаданы иҟан ҳаамҭазтәи асоциал-економикатә еиҭакрақәа раан аҵаратә формат ҿыц амҩаԥгареи ауаҩ қәыԥш ипрофессионалтә ҿиашьеи.

Санкт-Петербургтәи аҿартә форум – ахаарԥшраз, аԥышәа аимдаразы иахьазы Урыстәыла еиҳа иҭбаау ҿартә ҭыԥуп. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Петербург аҿари, Урыстәыла егьырҭ аҭыԥқәеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҿари ирԥылоит еицырдыруа ауаажәларратә лидерцәа, аусзуҩцәа, аҭҵаарадырра аусзуҩцәа, апрофессионалтә експертцәа, ргәаанагарақәа еимырдоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: