Гал имҩаԥысит аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) ирызку аиԥылара

Гал имҩаԥысит аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) ирызку аиԥылара
24 January 2017 851
Ажьырныҳәа 24, 2017 шықәсазы ақалақь Гал аҟны имҩаԥысит аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) ирызку аиԥылара

Аиԥылараҿы ирылацәажәан иакымкәа азҵаарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп лаҵара 19, 2016 шықәсазы, агәаҭаратә-хыжьратә ҭыԥ «Набакиа» иахьаҵанакуа, жәабран 3, 2007 шықәсазы ақалақь Гал иҟалаз араионтә алхратә комиссиа аиҳабы Давид Сигуа иӷьычра, Урыстәыла атәылауаҩ Петросиан В.Б. иӷьычра уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа.

Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩасларц еибырҳәеит. Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) азҵаарала анаҩстәи реиԥылара жәабран 22 2017 шықәсазы имҩасуеит ҳәа еибырҳәеит.

Аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) ирызку аиԥылара напхгара азиуит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан. Аԥсуа гәыԥ иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра АШәМ (СГБ) Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Шергелиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра АШәМ (СГБ) аппарат хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Колбаиа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә ҟәша аиҳабы Ҭенгиз Ҭарба.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: