Геннади Гагәылиа наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит

Геннади Гагәылиа наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит
12 September 2018 667
Цәыббрамза 12 рзы Гәдоуҭа ақалақь Акультура ахан аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр, "Ахьӡ-Аҧша" аорден II аҩаӡара занашьоу Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аофициалтә церемониа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Геннади Гагәылиа дихцәажәеит алахьеиқәратә митинг аҟны.
"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ауа-аҭынха, аҩызцәа, асасцәа! Аринахыс шәанеиқәшәо – абзеирақәа рзы шәеиқәшәалааит!
Иахьа абрахь имҩахыҵыз зегьы рылахь еиқәуп, иҟалаз атрагедиа бааҧсы гәалсра дула ирыдыркылеит. Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа иҭахара – харҭәаашьа змам цәыӡуп ҳмилаҭ зегьы рзы.

Геннади Гагәылиа дыруаӡәкуп ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы ароль ду аанызкыло аҳәынҭқарратә усзуҩцәа. Иара дреиуоуп аибашьраан, ҳажәлар ақырҭуа агрессиа ианаҿагылаз, ҳреспублика атәылахьчаратә мчхара зырҕәҕәоз, бџьарла, џьаҧҳаныла, фатәыла-жәтәыла ҳархәҭақәа реиқәыршәара иашьҭаз, уи азын аекономикатә лшара ҷыдақәа зыҧшаауаз атыл аиҿкааҩцәа дуқәа. Хьыӡла-ҧшала иара инаигӡахьан ҳкомандаҟаҵаҩ хада, ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба хаҭалатәи идҵақәа жәпакы. Иахьаҭахыз Геннади Леонид-иҧа декономистын, ддипломатын, дполитикын. Иара дзызкыз иарбан усзаалакь аҿы– еилыхха иааирҧшуан абаҩхатәра, аҭакҧхықәра, аҧсҭазааратә ҧышәа ду.

Акырӡа амҽхак ҭбаауп уи иусуратә мҩа: қәҿиарала далгеит Белоруссиатәи аполитехникатә институт аргыларатә факультет, аус иухьан нџьнырс, нџьныр хадас, аргыларатә усбарҭа аиҳабыс, Рица ауаажәларратә крыфара-чара акомбинат адиректор ихаҭыҧуаҩыс, Гәдоуҭа араион ахархәаратә кооперациа ахантәаҩыс. Анаҩсан– ҳреспублика адәныҟа-економикатә еимадарақәа Рхеилак ахантәаҩыс, Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс, хынтә - ҧыза-министрс даман Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара. Аус иухьан Аҧсны Ахада иадминистрациа анапхгаҩыс. Аџьабаа ҕәҕәаны ибахьан Аҧсны ахәаахәҭратә-ааглыхратә палата ахантәаҩы иаҳасабала.

Геннади Гагәылиа маҵурас дызхагылазаалакь, лабҿаба иубон уи аҳәынҭқарратә леишәа арҕәҕәара дшашьҭаз, иааирҧшуаз апринципра, апрофессионалтә знеишьа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазын, ҧыза-министрс дахьыҟаз мызқәак шракәызгьы, илшеит ҳақалақьқәеи ҳраионқәеи рхаҿра аиҭакра, еиуеиҧшым асоциалтә зҵаарақәа ахылаҧшра ҷыда рыҭара.

Ахәшьара ҳаракы рыҭатәуп еиуеиҧшым атәылақәа жәпакы рҿы иара напхгаҩыс дызмаз ахәаахәҭратә палата аколлектив рымчала, иара хаҭала иааирҧшуаз аинициатива иабзоураны, еиҿкааз инарҭбаау, Аҧсны ӡырызгоз ацәыргақәҵақәа.  Қарҭаа уи ишаҿагылазгьы, ишазашшуазгьы, иара ҿымҭ-ҧсымшьа дызҿыц даҿын, ҧхьаҟатәи азхаҵара аус амҩа ҿыцқәа азааиртуан.

2016 шықәсазын, Аҧсны Аҳəынҭқарра арӷәӷәара аусаҿы хаҭалатәи илшамҭақәа рзы, акыршықәсатәи лыҵшәабзиала иусуразы, насгьы ипрофессионализм ҳаракы азын Геннади Леонид-иҧа ианашьан аорден «Ахьӡ-аҧша» аҩбатәи аҩаӡара.

Геннади Гагәылиа имоуп аҭаацәара бзиа, ахылҵ-аҧылҵ! Урҭ Анцәа ираҭәаишьааит аманшәалара, агәабзиара ҕәҕәа, ачҳара ду, аҧеиҧш бзиа!

Хашҭра иқәымзааит ҳҩыза гәакьа, Аҧсны апатриот ду, аиҿкааҩ ду! Уи иҧышәа ду, ихәыцрақәа хымҧада ахархәара роуеит ҧхьаҟатәи ҳусураҿы!"


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: