Аҟәеи Манагуеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аҟәеи Манагуеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
7 November 2021 645

Абҵара 7 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуатәи иколлега Денис Монкадеи реиԥылара.
Аганқәа зҿлымҳара еицзырҭо азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иара убас рнапы аҵарҩит Аԥсни Никарагуеи 2022 шықәсазтәи русеицура аплан.
Аиԥылара иалахәын Ареспублика Никарагуа ахада ицхырааҩ Лауреано Ортегеи ақалақь Манагуа ахада Реин Руэедеи.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақьқәа Аҟәеи Манагуеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит,
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Никарагуа иҟоуп атәыла ахада иалхрақәа наԥшыҩцәақәак раҳасабала иалахәхаразы. Алхрақәа мҩаԥысуеит абҵара 7 азы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: