Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩцәа Кан Ҭаниеи Вито Гриттани апрограмма Notizie Oggi рҽаладырхәит

Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩцәа Кан Ҭаниеи Вито Гриттани апрограмма Notizie Oggi рҽаладырхәит
22 May 2023 183

2023 шықәса лаҵара 19 азы Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩцәа Кан Ҭаниеи Вито Гриттани италиатәи ателехәаԥшра Canale Italia апрограмма Notizie Oggi рҽаладырхәит.

Ателедырраҭара иатеманы иҟан Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыдеи иара уаанӡатәи аимакқәа рышьашәалара алацәажәареи.

Ҷыдала иазааҭгылан 1992-1993 шықәсқәа раантәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьра, аԥсуа ҳәынҭқарра иахьатәи ашьақәгылара амҩа.

Адырраҭарахь инаԥхьан аԥсуа дипломатцәа Кан Ҭаниеи Вито Гриттани. Урҭ иазгәарҭеит аԥсуа-ақырҭуа еибашьреи арратә операциа ҷыдеи реиԥшымзаара, Қырҭтәыла Аԥсны еибашьрала изақәлаз, аиааира ашьҭахь аԥсуа жәлар асуверентә ҳәынҭқарра аргылара зырҭаххаз.

«Аԥсны имҩаԥган ареферендумқәа ҩба: 1994 шықәсази 1999 шықәсази. Урҭ рҟны ажәлар атәыла ԥхьаҟатәи алахьынҵа рыӡбеит. Уи исуверентәу, идемократиатәу, азиншьаҭа змоу аҳәынҭқарроуп», – иҳәеит Кан Ҭаниа.

Адипломатцәа иара убасгьы ахәаԥшыҩцәа иреилдыркааит 2014 шықәса раахыс аԥсуаа хатәгәаԥхарала Донбасс ахақәиҭтәразы изеибашьуа.

«Донбасс ажәлар рыхьчаразы игылаз аԥсуаа Киев аганахь ала имҩаԥысуаз адискриминациа изанымшәеит. Уи иргәаланаршәеит ақырҭқәа дара рганахь ала, рбызшәа, ркультура, рытрадициақәа рганахь ала рхымҩаԥгашьа», – иҳәеит Кан Ҭаниа.

Вито Гриттани еиҭеиҳәеит Аԥсны ауааԥсыра ЕЕ атәылақәа рҿы ирԥыло ауадаҩрақәа:

«Иахьазы иреиҳау аҵаразы адипломқәа, атәылауаҩшәҟәқәа, егьырҭ Аԥсны аҵакыраҿы ирыҭоу адокументқәа ЕвроЕидгылаҿ иазхарҵом. Убри инадҳәаланы ҳара адукатцәа адыԥхьаланы иазҳархиеит Италиа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихьӡала ашәҟәы, Аԥсны атәылауаа аҵареи амедицинеи ралхәыдатәра азин аҟамҵаразы амеханизм аус адызулаша аусутә гәыԥ аԥҵара еиҿикаарц, иагьизынаҳашьҭит» ҳәа.

Астудиаҿы иҟан ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа рҿы ареферендумқәа раан наԥшыҩцәас иҟаз италиатәи аекспертцәа.

Аԥсуа дипломатцәа ҷыдала ҭабуп ҳәа иарҳәеит амҩаԥгаҩ Вито Монако, Аԥсны иазкны аобиективтә информациа и аҳәара ахьалиршаз азы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: