Аԥсны Ахаҭарнакра аартхоит Санкт-Петербург

Аԥсны Ахаҭарнакра аартхоит Санкт-Петербург
25 May 2023 124

Санкт-Петербург Аԥсны Ахаҭарнакра аартхоит ҳәа иҳәеит Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба.

"Санкт-Петербург хра злоу жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа ахьымҩаԥырго, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ахьырацәоу, насгьы ари ақалақь аҿы инхо ҳџьынџьуаа шырацәоу ҳасаб азуны иахәҭаны иазаҳаԥхьаӡоит ҳхаҭарнакра Санкт-Петербург аартра", - иҳәеит Арӡынба.

Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны ахаҭарнакцәа алшара шрымоу мрагыларааигәатәи ҳпартниорцәа рыҿцәажәарақәа рымҩаԥгара «ПМЭФ-2023» абазаҿы.

«Шьамтәыла, Палестины, Еиду Арабтә Емиратқәа, Ливан, Иемен уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ҳпартниорцәа ҳарныруеит. Ари ҳхырхарҭа аҵакы аманы ҳахәаԥшуеит. Иҟоуп алшара дуқәа аинвестициа аусхк аҟны аусеицуразы», - иҳәеит аминистр.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: