Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит
25 February 2022 385

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар,

Ҳара зҿлымҳара ду аҭаны Донецктәи Лугансктәи жәлар рреспубликақәа рыкәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит.

Шәара ижәдыруеит, Аԥсни арҭ ареспубликақәа рыжәларқәеи ҷыдала аизыҟазаашьақәа иҳабжьоу ртәы, Аԥсны иқәынхо дарбанзаалак ӷәыла-ԥсыла идикылоит урҭ аиашеи, аҟазаареи рзы ирымоу азин азы рықәԥара.

Аԥсныжәлар ирхыргахьеит ари аҩыза. 4 миллионк инареиҳаны Украина иқәынхо аурысқәа агеноцид ззырҳәо ианҭадыргыла, арҭ ареспубликақәа рыжәларқәа ргәаҟра рыцеиҩшара ҳалзыршаз – лахьынҵала ҳахьеиԥшхаз ауп.

Ҳара иҳалшо ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа, ҳҩызцәа адгылара раҳҭон, Днобасс изықәшәаз арыцҳареи дареи еизынҳмыжьырц азы. Уажәы, ишыжәдыруеиԥш, Аԥсныҟа иааит ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи ртәылауаа ргәыԥк.

Украина имҩаԥнаго агрессиа, макьанагьы иаанымгылац, имҩаԥысуеит зҽеидызкылаз Мраҭашәара агәазҭаҵарала. Убасҵәҟьа ҟалеит 30 шықәса раԥхьа Қырҭтәыла аԥсуа жәлар ықәырхырц ианҳақәла. Анационализм аҟазшьақәа зегьы зныԥшуа ари аполитика аҭоурыхтә хылҵшьҭра амоуп.

Ишәгәаласыршәоит шаҟа гәымбылџьбарала иаҳҿагыланы иеибашьуаз ақырҭуа архәҭақәа ирылахәыз украинатәи агәыԥ УНА-УНСО. Ари аҩыза хашьҭшьа амаӡам.

Донбасстәи ауааԥсыра ирҿагыланы аибашьра анхацыркха инаркны ҳара иаабон украинатәи анапхгарагьы Қырҭтәыла Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рганахьала иҟанаҵаз агхақәа рыҟаҵара ишаҿу.

Аибашьра зҽазҵәылхны иашьҭоу аиҳабыра иаадырԥшуа анационализми арадикалтә ҟазшьа змоу аполитикатә мчқәеи Украина аиқәшаҳаҭралшара рыцәнарӡит – урҭ рхы иадмырхәеит ацивлизациатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҭыԥан инхоз, аурыс бызшәа збызшәоу атәыла ауааԥсыра, иаартны аиҵаҟьара иашьҭан ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи рыҟны ирымаз аимак аҭышәныртәаларазы апринципқәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа.

Ишьақәгылаз апроблемақәа ҭынч мҩала рыӡбара аҭыԥан - мҽхакыҭбаала Донбасс ауааԥсыра рзин хадақәеи рхақәиҭрақәеи ршьаҽра, ирықәшаҳаҭым рышьклаҧшреи рықәхреи ирылагеит. Ас еиҧш ухаҿы иузаамго аҟынӡа рыуаажәлар рызнеишьа, амц шьаҭа змоу амҩа, арыцҳара ду укылнамгар ауӡом. Еснагь иаадыруазар бзиоуп, иахьа акәымзаргьы уаҵәы аиашамра шаԥырҟәҟәаахо. Еиҳаракгьы, ари зықьҩыла, миллионҩыла ауаа рлахьынҵа ианадҳәалоу.

Ҳара иаабон, Урыстәылатәи Афедерациа иалшоз зегьы шаҟанаҵоз аимак аиаша ԥыжәара аҭаны аӡбаразы, аҭынчра ашьақәыргылара апроцесс аҟны абжьаҟазара азуа.

Аха Украинатәи аиҳабыра аханатә амчра ахархәара рыгәҭакын, Донбассынтә аҭынч уааҧсыра ралцара, рықәхра иашьҭан. Уи лабҿаба иубарҭан.

Убри аҟынтә аимак аҽанарӷәӷәаӡа, Украина мраҭашәаратәи аҩызцәа бџьарла ианеиқәнаршәа, Донецктәи Лугансктәи ареспубликақәа ртәылауаа шьаҭанкыла рықәхра рҽаназыҟарҵа, аҭышәныртәаларазы аҭынчтә лшарақәа зегьы акгьы анырзымыӡба, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара азыӡба аднакылеит Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыҧшымреи рсуверенитети азхаҵаразы.

Аҧсны атәылауаа зегьы реиҧш, саргьы зегьы рыла ииашаны иазысыҧхьаӡоит ахьыҧшымра азхаҵаразы Уыстәыла иаднакылаз аӡбамҭа, ихацыркхаз иҷыдоу арратә аоперациа амҩаҧгарагьы аҭахны ишыҟоу. Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара - шәареи ҳареи ҳшәарҭадароуп, ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар.

Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәеи ҳареи ҳаиҩызара аҷыдарақәа срықәныҟәаны, аҧхьаҟагьы рлахьынҵа аҽаларҿхәра аҭахны иԥхьаӡаны, гәык-ҧсык ала ҳашьцәа ашәарҭадареи иҭышәынтәаланы аҿиареи рзеиӷьашьо, иахьа , Аусҧҟақәа снапы рыҵазҩит Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыҧшымра азхаҵаразы.

Сара агәра згоит, аҧсуа уаажәларра зегьы ари аҩыза аӡбамҭа ишадгыло.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ирыдысҵоит иазхаҵоу аҳәынҭқаррақәеи ҳареи аиҩызареи, аусеицзуреи, аицхыраареи рзы адипломатиатәи еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҵаразы аҳәынҭқаррабжьаратә аиқәшаҳаҭра азырхиара нап адыркырц"

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: