Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп

Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп
25 January 2017 735
Приднестровие Апарламент Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит.

Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Приднестровие атәылауаа ироуеит алшара Аԥсны аҵакырадгьыл ахь визада иаарц.

2016 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны ареспублика аҵакырадгьыл алаларазы авизақәа рымазароуп, Аԥсни зҳәынҭқарреи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы аиқәшаҳаҭра зыбжьоу атәылақәа руааԥсыра рыда зегьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа абри аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит 2016 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы. Аиқәшаҳаҭра ацҵа инақәыршәаны Приднестровие атәылауаҩ Аԥсныҟа даарц азы имазароуп ПМА (ПМР) дшатәылауаҩу зҳәо апаспорт, ма адипломатиатә ма амаҵзуратә паспорт, мамзаргьы СССР апаспорт. 16 шықәса иреиҵоу ахәыҷқәа рзы иаҭахуп аиразы аршаҳаҭга.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: