Инал Арӡынбеи Денис Монкада Колиндреси онлаин еиԥылара рыман

Инал Арӡынбеи Денис Монкада Колиндреси онлаин еиԥылара рыман
5 April 2023 190

2023 шықәса мшаԥы 4 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндреси онлаин еиԥылара рыман.

Аиԥылара иалахәын Ареспублика Никарагуа ахада ихаҭарнак ҷыда
Лауреано Ортега, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа.

Аиԥылараҟны ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рганахь ала агәаанагарақәа еимырдеит.

Аминистрцәа иазгәарҭеит аԥсны-никарагуатә еизыҟазаашьақәаагәреибагареи аҳаҭыреиқәҵареи рышьаҭала аҿиара шрымоу.

Аганқәа иаадырԥшит аполитикатә диалог, ахәаахәҭра-економикатә усхк, Ахәаахәҭра аҩны аԥҵара рганахь ала аҿиара шырҭаху.

Аиԥылараҟны Инал Арӡынба Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтә Ареспублика Никарагуа акоманданте Даниель Ортега асалам ииҭеит, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес Аԥсныҟа, афорум GlobalAbkhazia алахәхаразы ааԥхьара ииҭеит. Афорум азыԥхьагәаҭоуп Аԥсны ААР ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра амш азы – 2023 шықәса, лаҵара 17.

Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес иакәзар аҭакс Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи ареспублика аиҳабыреи Ареспублика Никарагуа акоманданте Даниель Ортега иҟынтә асалам риҭеит.

Денис Монкада аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара рыхә ҳаракны ишьеит. Иара убасгьы Инал Арӡынба иҟаиҵаз ааԥхьара идикылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: