V Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит хра змоу аиԥыларақәа

V Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит хра змоу аиԥыларақәа
19 April 2019 821

Мшаԥы 19 рзы V Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономиа аминистр Адгәыр Арӡынбеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аекономике адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Мухаммед Самер Халиль реиҧылара.

Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ас еиҧш аиҧыларақәа ибзиоу традицианы иҟаланы иҟоуп.

“Араҟа шықәсык раҧхьа имҩаҧысыз аиҧылара аҿы аҩганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара алацәажәара мҩаҧган. Усҟан ҳтшәылақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарымҵацызт. Уи аиҧылара ашьҭахь хара имгакәа Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит, иҳаҩсыз ашықәс, цәыббрамзазы атауарқәа абаџь ахшәаарада ахәаахәҭра амҩаҧгаразы Аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит. Уи ҳҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа хра злоу аҩаӡараҟынӡа инаӡеит ауп иаанаго", – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны аекономика аминистр.

Ахәҭакахьала Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Аҧсни Шьамтәылеи ирзеиҧшу атрадициақәеи аҵасқәеи маҷымкәа ирымоуп ҳәа иазгәеиҭеит: “Ҳара ҳҳәынҭқарра иқәынхоит имаҷым аҧсуа диаспора. Ари аҩыза афактор ҳаизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа рынаҭоит. Агәра ганы ҳаҟоуп уи аекономикеи аполитике рхырхарҭала адагьы, егьырҭ аусхкқәа рыҿгьы аҭыҧ шаиуо”.

Аҧсны аекономика аминистр, атауарқәа абаџь рыхшәаарада ахәаахәҭра амҩаҧгара азы Аиқәшаҳаҭра азы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаҧгоуп, Аиқәшаҳаҭра аратификациа азуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

“Дамаск ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаҧгаз егьи Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусуратә гәыҧ аҧсуа ган аҧҵоуп. Уи анапхгараҭаразы агәрагара ҳаҭырла сара исырҭеит”, – ҳәа иазгәеиҭеит Адгәыр Арӡынба.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономиа аминистр Адгәыр Арӡынбеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аекономике адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Мухаммед Самер Халиль реиҧылараан Аҧсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи амшынтә еимадара азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иазкыз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Даур Ақаҩба Шьамтәыла ажәлар ирыдиныҳәалеит мшаԥы 17 рзы иазгәарҭоз Ахьыԥшымра амш.
Аиҧылара ахыркәшамҭаз аделегациақәа азеиҕьашьарақәеи ааҧхьарақәеи еимырдеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: