Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит

Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит
25 May 2022 462

Лаҵара 25 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддати еиԥылеит.

Аганқәа злацәажәоз азҵаарақәа иреиуан Аԥсны ААР ахада Шьамтәыла иаҭаара, уи аан адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аполитикатә консультациақәа русхк аҟны аилибакаараз Амеморандум анапаҵаҩра.

Адипломатцәа реиԥылара мҩаԥысит 2018 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 4 шықәса аҵра аламҭалаз. Иара убасҟан ишьақәыргылан адипломатиатә еизыҟазаашьақәагьы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: