Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Мрагылара Ааигәа ҳаимадарақәа ирыхцәажәеит

Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Мрагылара Ааигәа ҳаимадарақәа ирыхцәажәеит
29 May 2023 104

2023 шықәса лаҵара 29 азы Аԥсны Мрагылара Ааигәа аимадарақәа рырҭбаареи арегион аҿы жәларбжьаратәи азхаҵаразы аусура арцыхцыхреи рызҵаарақәа ҭелла ирылацәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Аль Микдади.

Лаҵара 29, 2018 шықәса рзы Аԥсни Шьамтәылеи рхьыԥшымрақәа шеицазхарҵо, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵо азы аҳәамҭа еицыҟаҵан.

Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еидырныҳәалеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аԥҵоижьҭеи хәышықәса аҵра.

Аминистрцәа алацәажәеит ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аԥеиԥш, арегион аҿы аҭагылазаашьа, иара убас ирҳәеит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ишадгылоу, иагьазгәарҭеит адунеиеиҿкаараҿы аҿиараиаҿу амчрарацәара аҵак ду шамоу.

Хара имгакәа Арӡынбеи Микдади Дамаск реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: