Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови
21 July 2018 788
Ҧхынгәымза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови реиҿцәажәара мҩаҧысит аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа злахәыз аиҧылараҟны.

«Адыгеиа Аҧсны азы аамҭа хьанҭақәа раан зегь раҧхьа иҳадгылақәаз атәылақәа иреиуоуп. Ара ҳашьцәа адыгақәеи ҳареи ҳаидгыланы ҳадгьыл ахақәиҭтәразы ҳаибашьуан. Уи ҳажәлар ахааназы ирхашҭраны иҟаӡам. Ари ҳара даара ҳаҭыр ақәаҳҵоит. Аха аибашьра нҵәеит, ҳажәлар ирҭаху, изыргәаҟуа ҳазхәыцлароуп иахьа» - иҳәеит Аԥсны Ахада аиԥылара аартуа.

Аизыҟазаашьақәа рыҿиара қәҿиарала ишымҩаҧысуа атәы рҳәоит иааиҧмырҟьаӡакәа имҩаҧысуа аиҧыларақәа. Иубартә иҟалеит атәылақәа ирыбжьоу  аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аусеицура иамоу алҵшәа бзиақәа.
Инарҭбааны имҩаҧысыз аиҧылараҟны Мурат Кумпилов Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адыгеиа Ареспублика иреиҳаӡоу аҳамҭа - «Адыгеиа Ахьӡ-аҧша» амедаль ианеишьеит.

Аҧснытәи аган аҟнытә аиҿцәажәарақәа ирылахәын: Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧыза-министр Геннади Гагәлиа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Барцыц, Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа, Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Адыгеиатәи аган аҟнытә аиҿцәажәара иалахәын Аҳәынҭқарратә Хеилак-Хасе Владимир Нарожныи, Аҧыза-министр Александр Наролин, Адыгеиа Арреспублика Ахада Иусбарҭеи Адыгеиа Арреспублика Аминистрцәа реилазаареи рнапхгаҩы Мурат Ҭҳакушинов, Агәабзиарахьчара аминистр Рустем Меретуков, Акультура аминистр Иури Аутлев, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Анзаур Керашев.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: