Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада жәларбжьаратәи аиҿкаақәа рнырразы иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл истатиа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра  ахада жәларбжьаратәи аиҿкаақәа рнырразы иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл истатиа
4 May 2023 162

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Иеиҳабыратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара ахымԥадара

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имаҵзура ааигәа дахагылеит. Нап аиркит аусура. Аминистр иусура иахәҭакуп Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура ахылаԥшрагьы. ра

Иеиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа жәпакы русура Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь ахы акит. Усҟан атәыла ҭахкаан. Имаҷымкәагьы ауааԥсыра ацхыраара рыҭан. Зҭагылазаашьа уашәшәыраз ауаа ацхыраара рыҭара усҟан аиԥш иахьагьы актуалра аҵоуп.

Ҳара зегьы арҭ аамҭа уадаҩқәа ҳархысит. Анцәа иџьшьаны ҳаззыгәдуша аиқәырхара ҳалшеит апроблемақәа маҷымкәа ишҳамоугьы. Аԥсны жәларбжьаратәи аинститутқәа рыла егьырҭ атәылақәеи егьырҭ ауааи ирыцхраауа алшарақәа аиуит.

Инаҵшьны иазгәаҭатәуп аофисқәа аус рыцура аԥкыраҟазшьа шазыԥхьагәанамҭо. Ареспублика адунеи атәылақәеи иареи иарбанызаалак реимадара ҳаҭыр шазақәу, уи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыҩаӡарала акәзаргьы.

Аха раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра ахатәы милаҭтә интересқәа аԥыжәара анаҭозароуп, Қырҭтәыла иахьыԥшым аџьармыкьатә економика змоу адемократиатә ҳәынҭқарра аргылозароуп.

Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит, уи аӡәгьы даԥырхагам, «русура нкылатәуп» ҳәа (ҭыԥқәак рҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахара шахарарҵоз еиԥш) уаҩы иҳәом. Ари амшхәаԥштә азҵаараҿы иарбаӡам. Зҵаара хаданы иқәгылоу иҟоу аҭышәныртәалара, ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа уаанӡа иззеиқәшаҳаҭхахьоу апланқәа инарықәыршәаны рымҩаԥгароуп.

Иҷыданы иазааҭгылатәуп агуманитартә миссиа – аполитикатә зҵаарақәа ирызхьамԥшуа гәыҳалалратә миссианы ишыҟоу иҟазароуп. Аха тәылақәак ари апроблема аӡбра рықәшәаны иҟоуп.

Сара исҳәом Аԥсны уи аҩыза аҭагылазаашьа аҭыԥ амоуп ҳәа, аха ихадараны, аҵакы аманы иаҳшьоит арҭ аиҿкаарақәа Аԥсны иаҩызам атәылақәа рнапаҿы имыруганы рыҟалара алмыршара. Аиҳаракгьы ари аҭагылазаашьа еилыкказароуп Урыстәыла арратә операциа ҷыда анымҩаԥнаго аамҭазы. Убри азы ареспублика ари адунеи аҿы иахатәу аҭыԥ ылнахыроуп, иара астратегиатә партниор Донбасс иихьчо адоуҳатә беиарақәа адгылара рыҭо.

Аҳәынҭқарра аргылара аҽа ҩаӡарак ахь ахалара аҭагылазаашьа, Аԥсны асуверинитет аполитикатә процессқәа анырра рыҭара шхымԥадатәиу азгәарҭоит, амилаҭтә интересқәа рынагӡаразы. Иахьазы ари ҷыдалатә ҭагылазаашьоуп иамоу.

Иахьа иҟам ауаажәларратә еилазаара зыҿиара аҳәынҭқарра анырра анамҭо. Иахьатәи ҳаамҭазы аҳәынҭқарра ауаажәларра рсоциал-економикатә, руаажәларра-политикатә, ркультуратә уҳәа процессқәа анырра рыҭо рыҿиара еиҭанакуеит. Ари аҵакы амоуп аиҳаракгьы системак аҽа системак ала аҽанаԥсахуа аамҭаз. Уи ус шакәу убо иҟалеит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ҩ-хырхарҭактәи рсистема аилаҳараамҭаан. Убри аан иазгәаҭатәуп асеиԥш аан аҳәынҭқарра ароль амилаҭтә интересқәа рхырхарҭа аҳәаақәҵараан ишыҳараку. Адунеи аҿы хымԥада ахатә ҭыԥ абара, аилкаара реиԥш иҟоу азҵаарақәа актуалра ахьрыло аҩныҵҟаполитикатә ҿиара аԥыжәара аҭалатәуп (аԥсуаа ҳзы ари политикатә проектуп – Қырҭтәыла иахьыԥшым адемократиатә еилазаара ашьақәыргылароуп). Убри аан иазгәаҭатәуп аҳәынҭқарра хра амамкәа асеиԥш иҟоу аҭышәныртәаларатә процессқәа ианрылахәу адәныҟатә нырра риашашьа змам акәхар шалшо. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр 2023 шықәса жәабран 6 азы баша имҳәаӡеит «шықәсыла Аԥсныҟа иааны ара ишырҭаху рнацәа ҳахадыргьыжьырц иаҿу европатәи ачынуаа аҿагылара ӷәӷәа роуеит» ҳәа.

Амилаҭтә концепциа ма амилаҭтә идеиа аҟамзаараан, аҳәынҭқарратә ҿиара аспектқәа аҳәынҭқарра алахәымзаараан еиуеиԥшым егьырҭ апроцессқәа хра аманы аҳәынҭқарратә ҭышәынтәалара роура иаԥырхагоуп. Иазгәаҭатәуп иарбанызаалак аҳәынҭқарра, иӷәӷәоума ма иԥсыҽума, аҳәынҭқарраҩныҵҟатә процессқәа ишырныруа. Зҵаараны иҟоу уи анырра хра абанӡамоу. Анапхгаратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа раанаҳәынҭқарра ароль еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҽаԥсахлар алшоит. Аԥсны акәзар, 90-тәи ашықәсқәа раахыс ахатә социал-економикатә база аԥҵара шьардак иазхьаԥшымызт, убри инадҳәаланы Москва ари абӷа иқәнаҵеит.

Аполитикатә процессқәа рҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара аԥсҭазаара аганқәа зегьы амҽханакуеит: асоциал-економикатә инаркны акультура аҟынӡа, аиҭакрақәа рымҩаԥгараан ароль хада рымоуп. Аҳәынҭқарра ашьақәгылара астадиаан ауааԥсыра руаажәларра-политикатә ԥсҭазаара аганқәа зегьы уашәшәыроуп, аҳәынҭқарра алахәхара аҭахуп. Убри азоуп аҳәынҭқарра ахахьы иагар закәу астратегиатә ҟазшьа змоу аҭакԥхықәра. Уи мҩас иазыԥшаатәу аҭагылазаашьа ахаҭа иунарбоит.

Иахьатәи аԥсуа уаажәларратә еилазаараҟны апроблемақәа маҷӡам. Аҳәынҭқарра ҵызшәаауа ракәым аха аҳәынҭқарра ахалагалара зҭаху. Аполитикатәии егьырҭ апроцессқәеи зны зынла амилаҭтә интересқәа ианрықәымшәо ыҟоуп. Убри инадҳәаланы макьаназы атәылаҿ аус адулам зеиԥш планк ма азеиԥшмилаҭтә интересқәа рҭышәныртәаларазы астратегиа.

Адунеи аглобалтә ҭагылазаашьа аҽанаԥсахуа аамҭазы Аԥсны уаанӡеиԥш аасҭа жәларбжьаратәи аренаҟны аҭыԥ алнахыроуп, амилаҭтә интересқәа ирықәныҟәалароуп.
Сгәы иаанагоит иахьатәи аамҭазы Аԥсны аҽаамҭанык еиԥшымкәа еилыкка аҭыԥ ылнахыроуп ласрыла зҽызыԥсахуа Урыстәыла иахьа Донбасс иззеибашьуа адоуҳатә мазарақәа ахьахьчо адунеи аҿы. уи ус шакәу имӡакәа иаланарҵәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: