Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа шьаҭаркхоит Никарагуа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа шьаҭаркхоит Никарагуа
22 November 2021 573

2021 шықәса абҵара 2 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Никарагуа ишьаҭаркуп.

"Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыҟазаара инадҳәаланы Ареспублика Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа аҿы иаартызааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа» ҳәа аҳәоит аусԥҟаҿы.

Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 3, 2008 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: