Италиа имҩаԥысит аконференциа - «Ахалахатәҳәаақәҵаразы ажәларқәа рзин. Аԥсни Европа дуи»

Италиа имҩаԥысит аконференциа - «Ахалахатәҳәаақәҵаразы ажәларқәа рзин. Аԥсни Европа дуи»
10 February 2022 227

Жәабран 9 азы Италиа адепутатцәа рпалатаҿ имҩаԥысит аконференциа - «Ахалахатәҳәаақәҵаразы ажәларқәа рзин. Аԥсни Европа дуи».

Ауснагӡатә еиҿыркааит Италиа Апарламент адепутат Маттео Далл’Оссои Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакреи.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа онлаин аформат ала Италиа Апарламент адепутат ипресс-конференциа далахәын. Гәахәара дууп ҳара ҳзы ҳаԥсадгьыл збарц, уи акультура еилызкаарц зҭаху Италиа атәылауаа рхыԥхьаӡара иахьацло, Аԥсни Италиеи рықалақьқәа аимадарақәа ахьрыбжьарҵо. Ишдыру еиԥш, ҳажәларқәа жәытә-натә аахысгьы еидызкылоз рацәан, иӷәӷәан ҭоурыхла реимадарақәа ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ауснагӡатә аҿы дықәгылеит аналитик, адепутат иабжьгаҩ Суоми Монселлато. Лара илҳәеит италиатәи адепутатцәа аӡәгьы ихьыԥшымкәа аӡбрақәа рыдыркылартә аиԥш аҭагылазаашьа рызҭо азинқәа аԥҵатәуп ҳәа.

Аконференциа иалахәын: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь, италиатәи аполитикатә експертцәа, Аԥсны ААР ацҳаражәҳәаҩцәа Кан Ҭаниеи Вито Гриттани.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: