Италиа имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи адипломатиатә системаҿ» аӡыргара

Италиа имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи адипломатиатә системаҿ» аӡыргара
5 December 2021 314

Ԥхынҷкәын 4 азы италиатәи ақалақь Ламециа -Терме аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи адипломатиатә системаҿ» аӡыргара.

Ауснагӡатә иалахәын 80-ҩык рҟынӡа, ақалақь Ламециа-Терме ахада Паоло Маскаро, Италиа Апарламент адепутат Маттео Далл’Оссо, ақалақьтә еизара адепутатцәа, анаплакыҩцәа, ажурналистцәа, Аԥсны ААП аиҳабы Ҭамила Мерцхәылааԥҳа, Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩцәа Вито Гриттани, Кан Ҭаниа назлоу.

Ламециа-Терме ахада Паоло Маскаро иқәгылараҿы иҳәеит: «Зҵакыра маҷу, зуааԥсыра рацәам аха ԥсабарала иԥшӡоу, алшара дуқәа змоу ареспублика ҳалацәажәоит. Ҳара ибзианы иаадыруеит ахлахатәҳәаақәҵара аҵакы. Сгәыӷуеит ҳуааԥсыра рыбжьара аусеицура маншәала шьақәгылап ҳәа».

Ауснагӡатә аҿы ҷыдала иазааҭгылан Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани иусура. Иара иоуп изылшамҭо Аԥсны ААП ахаҭарнакра Бари ақалақь аҿы официалла аартра. Аусеицура иалҵшәоуп 45 еиқәшаҳаҭра анап рыҵаҩра.

Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа инарҭбаау ажәахә ҟаиҵеит.

Аӡыргара аинтерес азаадырԥшит асасцәа. Иара иаанарԥшит Аԥсны ауадаҩрақәа акыр шыҟоугьы аусеицуразы иаарту тәыланы ишыҟоу.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: