Андреи Руденкои Иракли Ҭыжәбеи Москва еиԥылеит

Андреи Руденкои Иракли Ҭыжәбеи Москва еиԥылеит
3 December 2021 457

Ԥхынҷкәын 3, 2021 шықәсазы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденкои Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа ахада Иракли Ҭыжәбеи еиԥылеит.

Аиԥылараҿы агәаанагарақәа еимдан ԥхынҷкәын 7-8 рзы иҟалараны иҟоу изаамҭанытәиу Женеватәи аиԥыларақәа рраунд амшхәаԥштә азҵаарақәа рганахь ала. Иазгәаҭан актуалтә зҵаарақәа, аформат аспектқәак рганахь ала апозициақәа реишьашәалара аҭахра.

Ҷыдала иазааҭгылан амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы аиқәшаҳаҭра азҵаара арцыхцыхра, арегион аҿы ашәарҭадара аиҿкаара апроблема.

Аиԥылара алахәылацәа иахьатәи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рызгьы ргәаанагарақәа еимырдеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: