Ԥхынгәы 9-21 2017 шықәса рзы Москва имҩаԥысит адипломатцәа ҿарацәа Аԥшьбатәи рфорум

Ԥхынгәы 9-21 2017 шықәса рзы Москва имҩаԥысит адипломатцәа ҿарацәа Аԥшьбатәи рфорум
24 July 2017 784
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла Аналитикатә клуб «Знак»А.М. Горчаков ихьӡ зху аларҵәаратә дипломатиа Афонд адгыларала еиҿнакааз адипломатцәа ҿарацәа Аԥшьбатәи рфорум ԥхынгәы 9-21 2017 шықәса рзы Москва имҩаԥысит.иара зеиԥш теманы иаман “Информационные технологии в современной дипломатии и информационная безопасность”.

Афорум иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Ермантәыла, Беларусь, Кыргызысҭан, Молдова, Урыстәыла, Таџьыкисҭан, Узбекисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла рхаҭарнакцәа.

Аԥсны ахьӡала Афорум иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла ахантәаҩы Асҭанда Патараиа, ахантәаҩ лхаҭыԥуаҩ Инар Ладариа, Аидгыла алахәыла Светлана Оҭырба.
афорум адипломатцәа ҿарацәа ирнаҭоит алшара иформалым аҭагылазаашьала аинырра, ргәаанагарақәа реимдара, иҟоу апроблемақәа рҭышәныртәалараз амҩақәа реицыԥшаара.

Афорум аҟны иқәгылан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, Урыстәыла Афедералтә еизара жәларбжьаратәи аусқәа реилак ахантәаҩы Константин Косачев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак ахантәаҩы Леонид Слуцки, Урыстәыла Ахада ихаҭарнак Андрей Крутских уҳәа иҵегьы урыстәылатәи аекспертцәа.

Афорум ахыркәшамҭаз ирыдкылан евразиатәи аҵакыра атәылақәа рдипломатцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи Рфорум Адекларациа. Афорум алахәылацәа адгылара арҭеит аԥшьгара адипломатцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи рассоциациа аԥҵарази жәларбжьаратәи азҵаара хадақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдо иҟоу иаарту ҭыԥны аҟаҵарази.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: